Сухумское Городское
собрание
Мы в социальных сетях
Сухумское Городское
собрание
Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа 15-тәи ашкол аҵаҩцәа Аџьшьаратә шәҟәқәа ранаршьеит
Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа 15-тәи ашкол аҵаҩцәа Аџьшьаратә шәҟәқәа ранаршьеит
07.10.2021
Аиааира Амш ныҳәа аламҭалазы 15-тәи ашкол аҵаҩцәа Аҟәа ашьхараҿы зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз аҵеицәа рыхьӡала игылоу абаҟа арыцқьареи аиҿкаареи рзы акциа мҩаҧыргеит.

Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа аҵаҩцәа имҩаҧыргаз акциазы Аџьшьаратә шәҟәқәа ранаршьеит.

«Гәык-ҧсыкала, сареи Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәеи ҳахьӡала шәарҭ аҵаҩцәеи, шәҭаацәеи, шәырҵаҩцәеи иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ахақәиҭреи ахьыҧшымреи ҳзаазгаз аибашьцәа ахьышәхашәмыршҭуа.

Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра 1992-1993 шықәсқәа рзы зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз аҵеицәа ирызкны Аҟәа ашьхараҿы игылоу абаҟа арыцқьареи аиҿкаареи рзы имҩаҧгаз акциа, аибашьцәа рыхьӡ акамыршәразы акыр зҵазкуа аусмҩаҧгатәқәа иреиуоуп. Ҳаҭырла ҳҭоурых азнеира - ҳаҧсҭазаара гәылнарҭәаауеит. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит абри аус бзиа шәахьазхьаҧшыз!» - абас ҳәоуп 9-11 аклассқәа рҵаҩцәа иранашьаз Аџьшьаратә шәҟәқәа рҿы.

Ашкол иаҭааз Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Иракли Харчлааи адепутат Виктор Акәциеи хаҭала арҵаҩцәеи ашкол адиректори иҭабуп ҳәа рарҳәеит. Иракли Харчлаа иқәгылараҿы иазгәаиҭеит:

– 9 «Б» акласс анапхгаҩы Ачба Индира Оҭар-иҧҳа, ашкол адиректор Қапба Диана Баграт-иҧҳа, иара убас ашкол арҵаҩратә еилазаара зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ахәыҷқәа аҵара рырҵара адагьы, аиҳабыратә абиҧарақәа аҳаҭыр-апату рықәҵареи, рыҧсадгьыли, рҭоурыхи рахь абзиабареи ахьрылашәааӡо.

Дырҩеигь, сареи Аҟәа ақалақь адепутатцәеи ҳахьӡала идуӡӡан иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Шәарҭ зегьы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиареи ақәҿиарақәеи, аҵаҩцәа – аҵараҿы, арҵаҩцәа – шәнапы злаку арҵара-ааӡаратә ус аҿы.

Адепутат Виктор Акәциа арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи аманшәалара рзеиӷьеишьеит, иара убас иажәақәа рҿы иазгәаиҭеит:

–Сара хаҭала ари ашкол саушьҭымҭоуп, арҵаҩцәа ҳаҭыр шәықәысҵоит, издыруеит аибашьрашьҭахьтәи аамҭа цәгьақәа инадыркны иахьанӡа аҵара апроцесс аҿкы чымазара ҧырхага шанаҭоугьы, арҵаҩцәа ишәылшо зегьы шыҟашәҵо шәҵаҩцәа зҩаӡара ҳараку аҵарадырреи ааӡареи роурц. Иахьа шәара, арҵаҩцәа, шәусураҿы шәхы иашәырхәоит атехналогиа ҿыцқәа. Уи ус имариам, аха зегь шәылшәыршоит. Агәра ганы сыҟоуп, шәааӡамҭацәа анеизҳалак акыр злыҵуа уааны ишыҟало.




Возврат к списку